Ҭеимыр Амԥар: Калдахәара ақыҭа анхацәа ӡыла еиқәыршәоуп
Калдахәара ақыҭаҿы аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рышьҭаҵара хырқәшоуп, анхацәа ргәараҭақәа рыҟны аӡы неиртә еиԥш иҟаҵоуп, иҳәеит арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ҭелла даниҿцәажәоз ақыҭа ахада Ҭеимыр Амԥар.