Ҷедиа ачарақәа раанкыларазы: ажәлар ахьцо-иахьаауа рзеилымкаауа иҟалеит
Ачарақәа рура аамҭа ахыгахоит иааиуа амзазы. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ачараурҭатә хыбрақәа рыԥшәмацәеи ачара аҿҳәара ԥызҵәахьоу ауааи зҭанаргыло ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абанкеттә зал аиҳабы Авҭандил Ҷедиа.