Ҳаџьымба: Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аус аур - ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит
![Ҳаџьымба: Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аус аур - ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102483/27/1024832773.jpg)
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Сухум" абазатә статус аиуит Аԥсны аминистрцәа реилазаара иаднакылаз аӡбрала. Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба аилатәараҿы ари апроект ахҳәаа азыҟаиҵеит.