"Амаалықьцәа рықалақь": Беслантәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 15 шықәса ҵит
![](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102831/42/1028314257.jpg)
Жәохә шықәса раԥхьа Нхыҵ Уаԥстәыла Беслан ақалақь ашкол аҟны Цәыббра 1 иазкыз агәырӷьаратә цәаҳәа шьаарҵәыран иҟалеит. Ажурналист Сырма Ашәԥҳа Ԥхынгәымза, 2013 шықәса рзы хаҭала даҭааны илбеит ари ахлымӡаах аан ацәгьоуцәа зыԥсҭазаара ҿахырҵәаз ахәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи анышә иахьамадоу "Амаалықьцәа рықалақь" захьӡу анышәынҭра. Лара иҳацеиҩылшоит усҟантәи амшқәа илзааргаз ахьааи ахааназ ари аҩыза шыҟамло азы лгәыӷреи.