Џьынџьиа аевкалипт Аԥсны алгара аус аанкыларазы: ақәӡаара иалагеит, ихьчатәуп
Аҳәаахьчаратә карантинтә фитосанитартә инспекциа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Ԥсоуи" "Гали" рҿы аевкалипт ахкқәа зегьы рахыгара ааныркылоит. Ари ақәҵара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит Аԥсны Аҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә карантинтә хылаԥшра аиҳабы Аркади Џьынџьиа.