Гоԥиа арԥҳачымазара ахәшәтәразы: иахәҭоу хәшәыла ҳаиқәыршәоуп
![Гоԥиа арԥҳачымазара ахәшәтәразы: иахәҭоу хәшәыла ҳаиқәыршәоуп](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102532/69/1025326976.jpg)
Арԥҳачымазара аҿагылара амш адунеи аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 24 рзы. Ҳтәылаҿы ари ачымазара ахәшәтәразы лшарас иҟоу, бжьаратәла шаҟаҩы ачымазаҩцәа дара рҟны рҽырхәышәтәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәышәтәырҭа аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.