Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит
![Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102995/82/1029958245.jpg)
Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.