Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хагәышь ауниверситет аҟны аҵара иазкны
![Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хагәышь ауниверситет аҟны аҵара иазкны](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102476/66/1024766672.jpg)
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апандемиа иахҟьаны аԥкрақәа раан астудентцәа рзы аҵара шеиҿкаау, иара убас сынтәа ауниверситет аҭалараан аԥышәарақәа шымҩаԥысуеи атәы.