Апсихолог ицәыԥхашьара аҭахӡам: Ельза Мамацԥҳа лзанааҭ атәы дазааҭгылеит
![Апсихолог ицәыԥхашьара аҭахӡам: Ельза Мамацԥҳа лзанааҭ атәы дазааҭгылеит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/0a/0a/1031081096.jpg)
Жьҭаара 10 рзы иазгәарҭоит апсихолог имш. Иахьа аԥсуа еилазаараҿы ари азанааҭ ишазыҟоу еиҭалҳәеит Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны психологси аиҵбыратәи акласс арҵаҩыси аус зуа Ельза Мамацԥҳа.