Жәларбжьартәи аолимпиатә комитет иаднакылаз ақәҵара инақәыршәан, урыстәылатәи акоманда 2018 шықәса рзы, Аладатәи Кореиа имҩаԥысран иҟоу аолимпиатә хәмаррақәа рахь инашьҭхом. Ари ақәҵаразы арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны игәаанагара иҳәеит Аԥснытәи аолимпиатә комитет ахада Валери Аршба.