Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ашәарыцаҩцәа нанҳәа 11 инаркны март мзанӡа ашәарыцара азин рызҭо ақәҵара ҭнажьит. Ашәарыцара иацу аԥҟарақәеи, ауаҩы абнаҿы ихымҩаԥгашьеи атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит, ашәарыцаҩ, ажурналист, адырраҭара "Ажәеиԥшьаа" автор Адгәыр Гәынба.