Ламиаԥҳа Москва имҩаԥысыз абызшәақәа рыхәылԥаз иазкны: аԥсшәа иазҿлымҳаз рацәаҩын
![Ламиаԥҳа Москва имҩаԥысыз абызшәақәа рыхәылԥаз иазкны: аԥсшәа иазҿлымҳаз рацәаҩын](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102636/29/1026362939.jpg)
Москва апоетцәа рыҩнаҿы Жәларбжьаратәи алитературатә проект аҳәаакәа иртагӡаны Евразиа ажәларқәа рассамблеиа ахылапшрала иаартын ахәылԥазқәа рцикл. Уи азкуп Урыстәыла акыр шыкәса инхо егьырт амилаҭкәа рбызшәакәа азҿлымхара рыҭара. Уахь иацанакит апсуа бызшәагьы. Абызшәақәа рыхәылԥаз алахәыла Шьукин ихьӡ зху атеатралтә ҵараиурҭа аушьҭымҭа Милана Ламиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иара шеиҿкааз атәы.