Аҩӡԥҳа: Аминистрцәа Реилазаара ашәҟәқәа зегьы ирбартә еиԥш иҟалоит
![Аҩӡԥҳа: Аминистрцәа Реилазаара ашәҟәқәа зегьы ирбартә еиԥш иҟалоит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images//102635/94/1026359404.jpg)
Аминистрцәа реилазаараҿы 1992 шықәса инаркны ирыдкылаз адҵақәеи, ақәҵарақәеи, ашәҟәақәеи зегьы ацифрахь риагаразы аусурақәа цоит. Уи шымҩаԥысуа атәы, насгьы ари аус хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аԥкаанҵатәи аиқәыршәара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Аҩӡԥҳа.