Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иҟаҵан 2018-тәи ашықәсаз аусбарҭақәа имҩаԥыргаз аусурақәа реихшьаала. Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иаҳасабырбаҿы иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара егьырҭ ашықәсқәа раантәи арбагақәа реиҳа ишыҳараку.