Чачхалиа: ақырҭцәа еиқәдырҽаҽаз ҳҭоурых рҽеитәуп
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа ааигәа иҭижьыз Аԥсны аҳ Баграт II изку аочерк арадио Sputnik аҟны дахцәажәо, иҳәеит аԥсуа ҳәынҭқарра аҭоурых аҭҵаара ишациҵо, хаз иҟоу ашәҟә ду аҭыжьра игәы ишҭоу.