Гоԥиа Аԥсны арԥҳачымазара аҭагылазаашьазы: иацәыԥхашьо рацәаҩуп
Хәажәкыра 24 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит арԥҳачымазара аҿагылара амш. Иҟоума ҳтәылаҿы ари ачымазара ахәшәтәразы алшара, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ареспубликатә арԥҳачымазаратә хәышәтәырҭа аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.