Занҭариа Аҟәа Арӡынба ибаҟа аргыларазы: ахшыҩеилаҵара аҭахуп
![Занҭариа Аҟәа Арӡынба ибаҟа аргыларазы: ахшыҩеилаҵара аҭахуп](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102116/16/1021161651.jpg)
Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа алахәыла, Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Аҟәа аргыларазы жәларбжьаратәи аицлабра шрылаҳәахо.