"Аҽы ҧсыр – адәы аҭынхоит, ауаҩы дыҧсыр – иажәа", - абас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала аҽқәа ирызку ажәаԥҟа хьыршәыгәқәа рыла ибеиоуп аԥсуаа ражәаҳәа. Ҳажәлар рыҟны аҽқәа рааӡашьеи урҭ ҳаԥсҭазаашьаҟны ҵакыс наџьнатә аахыс ирымоуи уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.