Бераиа ақәԥаҩ Сандро Ашәба изы: Урыстәылазегьтәи ауниверсиадахь днеир алшоит
Москва имҩаԥысыз Астуденттә спорттә хәмаррақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны зых иақәиҭу ақәԥараҿы аԥснытәи аспортсмен Сандро Ашәба актәи аҭыԥ ааникылеит. Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә университет ахьӡала иқәгылоз Сандро иазыҟаҵаҩ Игорь Бераиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи ахҭыс шыҟалаз.