Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори
Нестор Лакоба ихьӡ Аԥсны реиҳа ҳаҭыр-пату зықәҵаны, бзиабарыла еиҭарҳәо акоуп. Аҟәа иреиҳау амҩадуқәа руакгьы иара ихьӡ ахуп. Иара абри амҩаду иангылоу аҩнаҟноуп Нестор Лакоба иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Сариа, иԥа Рауф иманы дахьынхоз.