Соломко: агәаҭарақәа иаадырԥшуеит ацқьара аганахьала раионк шузалымкаауа
Аԥсабара ахьчареи аекологиеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко арадио Sputnik аҟны далацәажәеит ацқьара аганахьала ҳҳәынҭқарраҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы аилак аусзуҩцәа имҩаԥырго аӷәаҭарақәа рылҵшәақәа.