Хьециаԥҳа: ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аныдҳмырҵа, анарха шамоуа еилаҳкаароуп
![Хьециаԥҳа: ҳхәыҷқәа ҳбызшәа аныдҳмырҵа, анарха шамоуа еилаҳкаароуп](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102713/96/1027139629.jpg)
Мшаԥымза 11-12 рзы Ҟарачы-Черкесиа ақалақь Карачаевск имҩаԥган есышықәсатәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Клычевтәи аԥхьарақәа - 2019". Аконференциа азырхоуп ареспубликаҿы иқәынхо ажәларқәа рбызшәа апроблематика. Иара иалахәын Аԥснынтәи аҵарауаа. Убарҭ дыруаӡәкуп Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, ААУ англыз бызшәа арҵаҩы Наала Хьециаԥҳа.