Габниа: аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу идырны ачынмаҵурахь ауаа неиртә иаҳзыҟамҵеит
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы аԥышәара шԥамҩаԥысуеи, Апарламент уи азы азакәан алагала ҟанамҵазар? Избан ари хырҩа зазуу? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, алхратә комиссиа хада алахәыла, азиндырҩы, Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Гиви Габниа.