Асовет аамҭазы, ҷыдала иааугозар, Сталин ианихааныз, ақьырсиантә динхаҵара аҿагылара аман, ажәлар рҿы иазгәарҭоз аныҳәақәа рыбжеиҳаракгьы аԥыхын, Амшаԥы убрахь иналаҵаны. Уадаҩрақәас ирԥылози аԥсуаа ҭаацәарақәа усҟан? Ирылшама "акылԥшыҩцәа", адин аҿагылаҩцәа аԥсуаа рҟны ари аныҳәамш амҩаԥгара аанкылара? Абарҭқәа ирыдҳәалоу игәалашәарақәа ҳацеиҩишоит урҭ ашықәс хьанҭақәа ирхаану Владимир Жьиба.