Аԥсуа бызшәа - ижәытәӡатәиу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Еигәыцхәу аԥсуа-адыга бызшәақәа зегь зхылҵыз абызшәа-шьагәыҭ аиҿыҵра ианалага инаркны иалагоит аԥсуа бызшәа зхала иҟоу бызшәак аҳасабала аҿиара аҭоурыхгьы. Уи аҿиараан ишьақәгылон еизааигәоу ахылҵшьҭрақәа злацәажәоз адиалектқәа рацәаны.