Кәарҷиа еиҭеиҳәеит сынтәатәи аицлабра "Аӡыхь" аԥҟарақәа ртәы
Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акәашаратә гәыԥқәа реицлабра "Аӡыхь" аԥҟарақәа рҽырԥсаху, ус иаанхоу, иара убасгьы аиндаҭлара шаҟа гәыԥ алахәхо атәы.