Лакәатаа: Егры аҳәаа иахырго атауарқәа азакәан ԥшра рымамзар, ацәыӡқәа ҳауеит
Гал араион аҳазалхратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Ахра Лакәатаа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аҳәаа иахырго атауарқәа азакәан ԥшра рымамзар, аҳәынҭқарра ацәыӡқәа амазаауеит ҳәа.