Ахсалԥҳа Амшын Еиқәа аҟьашьразы: егьырҭ атшылақәа рҟынтә аӡқәа иаарго маҷым
Амшын Еиқәа аекологиатә ҭагылазаашьеи, Аԥсны иахьаҵанакуа амшынӡа иахьынӡацқьо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә наукақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аузуҩ Асида Ахсалԥҳа.