Аԥсны еизгоу акоманда амҩа иқәлоит Ашьхатә Ҟарабах, ақалақь Степанакерт ахь, уаҟа рашәара 1 инаркны 9-нӡа имҩаԥысуеит ConIFA аверсиала Европа Ачемпионат. Ашьапылампыласыҩ, Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла, ахьчаҩ Гьаргь Дгьебуаӡе арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ачемпионат ахь аҽызыҟаҵарақәа шцо атәы.