Лацәышԥҳа: Аԥсны аҭоурых Гал араион аҵаҩцәа иддырҵароуп ҳуниверситет аушьҭымҭацәа
Гал араион аҵараҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аусураҟны уадаҩраны ишылԥхьаӡо Аԥсны аҭоурых дзырҵо арҵаҩцәа разымхара.
Гал араион аҵараҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аусураҟны уадаҩраны ишылԥхьаӡо Аԥсны аҭоурых дзырҵо арҵаҩцәа разымхара.
Ахьчаҩбжа изы "Тиумен" ахь аиасра Аԥсны анҭыҵ раԥхьаӡа акәны инапы зҵаиҩыз контрактын. Ари аклуб аҿы иара 88-тәи аномер ала дыхәмаруан.
ААУ азиндырратә факультет адекан, азинтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сергеи Смыр арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысуа, насгьы алхратә агитациа аан амаҵура ныҟәызгоз аус рур ҟало иҟамло ртәы.
Аӡәы азин имоуп знык ала 200 цыра аҭаҭын аҳәаа ахыгара, аха уи аԥҟара еилазго маҷҩым.
Арԥыс игәабзиара шышьақәгылалак амедицинатә комиссиа деиҭахыжьхоит. Аррамаҵзура ахысразы ԥынгыла ҟамлар, архәҭахь деиҭанашьҭхоит.
Аԥсны ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аанапхгаҩы Гиви Габниа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит акандидатцәа рнапынҵақәа шьҭарҵар анакәу.
Иури Башмет напхгара ззиуа Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль Урыстәыла иналукааша культуратә хҭысуп.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк Аҧсны ашьхара ахәҭа иахьаҵанакуа ишьҭоуп, аӡиасқәа Гьегеи Ҧшыци ирыбжьаркуеит.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәыҷтәы студиахь алԥшаарақәа зыиагахаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит астудиа "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Гудиса Ҭодуа.
Борис Ашәба 16 усумҭа рыдигалеит Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла акомиссиа, аидгыла далахәылахарц азы.
Жәабран 3, 1993 шықәсазы амацәаз иҭакыз Тҟәарчалҟа агәыманитартә цхыраара анагара еиҭахацыркын. Уи аамҭа дазааҭгылоит Мрагылратә афронт иазку ашәҟәы автор Дмитри Быҭәба.
Таитәи абокс азы Афедералтә округ хада атурнир мҩаԥысуеит Москва, жәабран 6 - 10 рзы.
Аԥсшьаразы заанаҵтәи анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵараз амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа азҵаара рнаҭеит 2020 шықәса, аԥхынразы аԥсшьараз гәҭакны ирымақәоу ртәы.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Урыстәыла, ақалақь Шәача имҩаԥысит аҳәеилышьразы атурнир.
Ашәақәа "Аҟәа", "Ԥхыӡ ббара саҟәҵроуп", "Мехико" рыла еицырдыруа аԥснытәи ареп-музыкант Асҭан Аџьынџьал изыӡырҩцәа ашәа ҿыц рыдигалеит.