Бганба адҵа ҟаиҵеит аҳәаанырцәынтә иаауа акарантин ахьырхыргаша аҭыԥқәа рхиазарц
Хәажәкыра 28 инаркны Аԥсны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.
Хәажәкыра 28 инаркны Аԥсны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп.
Гәылрыԥшь араион ахада, аҭыԥан иаԥҵоу акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб напхгара азҭо Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Гал араион Аберқыҭ иқәынхо Нино Хецуриани, Москвантәи Аԥсныҟа хәажәкыра 29 рзы иааз акоронавирус лымоуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Жәыргьыҭ аклиникақәа руак дҭашәеит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрокуратура хада апозициа иақәшаҳаҭым х-шьауск рфигурантцәа рганахь ала.
Аԥсны ахада иусқәа назыгӡо Валери Бганба анапынҵа ҟаиҵеит аамҭала афатәаалыҵи амедикаментқәеи аазго анаплакыҩцәа алагаларатә баџь рықәырхырц.
Москватәи адиаспора рыдагьы акоронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аԥсуа бизнесуаа, иара убас "Аԥсны иҟоу урыстәылатәи ауаԥшь", агәыҳалалратә фонд "Кьараз".
Нино Хецуриани – заанаҵтәи адыррақәа рыла акоронавирус змоу ҳәа ишьақәдыргылаз лфотосахьа зқәыз аҳәаанырцәтә паспорт асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырган.
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла Нино Хецуриани адиагноз "акоронавирустә инфекциа" лымоуп ҳәа ишьақәыргылоуп, уажәы лара Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.
Аҟәа-маркет аусзуҩы Фатима Амҷыԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәаахәҭыҩцәа рзы иаԥҵоу аԥҟарақәа ишрықәныҟәо атәы.
Нино Хецуриани – акоронавирус змоу ҳәа ишьақәдыргылаз лганахьала ахыркәшаратә дыррақәа рыланаҳәараны иҟоуп Акоординациатә штаб.
Хәажәкыра 30 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала Гал араион ахь уназго амҩақәа зегьы адыркит.
Хәажәкыра 30 рзы Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы адыркит.
Аԥхьаӡамҭа ҷыда аартуп Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрразы. Еизгоу аԥарақәа Аусбарҭабжьаратә штаб аӡбрала акоронавирус аҿагыларазы иаҭаххо аусмҩаԥгатәқәа рахь идырхоит.
Макьаназы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус здырбалаз Хецуриани илныруаз ауаа рхыԥхьаӡара атәы рымҳәацт. Уаанӡа Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба адырра ҟаиҵахьан дара зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп ҳәа.
Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз. Лара Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭахь инагаз Гал араион инхо аԥҳәыс акоронавирус лымоуп ҳәа шьақәыргылоуп.
Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит аԥкрақәа аԥсуаа рҵасқәа ирҿагылозаргьы, рынагӡара хымԥада ишаҭаху.
Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥымза 20 рҟынӡа Аԥсны аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп акоронавирус аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны.
Хәажәкыра 25 инаркны Аԥсны иалагалоуп аԥкратә уснагӡатәқәа, хәажәкыра 28 инаркны – аҭагылазаашьа ҷыда.