Хапат: анхарҭа азҵаара ӡбахом администрациақәа рҟны ауаа жәашықәсала рҭыԥ рымԥсахлар
Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Хапат Аҟәа имҩаԥгаз аилатәараҟны иазгәеиҭеит анхарҭа аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо зегь раԥхьа иргыланы амаҵурауаа азакәан инақәыршаны акәымкәа русурҭа ҭыԥқәа рхатә ҭахрақәа рынагӡаразы аус ахьыруа шакәу.