Ҷкотуа мгәарҭа иҟоу ишьра иазкны: зегь раԥхьа иахьырхәтәу уи алзыршаз ахаҵа иоуп
Абыда ииуа аӷраҭшаа ишьреи аԥсуареи? Избан аҳаҭыр ахьчаразы аԥҳәыс лысаби дызҭалырхо? Ирыхьзеи жәытә-натә аахыс иааҳгоз аԥсуара аԥҟарақәа? Ишԥарыӡбуаз ажәытәан ас ихьанҭаз азҵаатәқәа? Ари азҵааразы арадио Sputnik аҟны игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа.