Сабуа аӡаҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы: ахараԥса иацәшәо рацәаҩхоит
Избан аӡаҿы ашәарҭадара иақәнагоу аԥҟарақәа хырҩа зрыҭоу, иҟаҵатәузеи ақалақь иаҵанакуа амшын аҟәара иахәҭоу амыругақәа рыла еиқәыршәазарц, абри азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Зышәагаа маҷу амшынӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.