Занҭариа еиҭеиҳәеит Тамшьтәи абаҟа аиҭашьақәыргыларазы иарбан усурақәоу ицо
Тамшь ақыҭа ахада Вадим Занҭариа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Тамшь адесант аныӡхыҵыз арыцхә, ԥхынгәы ҩбанӡа, ақыҭан зеиҭашьақәыргылара иаҿу Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟа азырхиахап ҳәа.