Аҩӡба еиҭеиҳәеит ААУ аҿы адкыларатә комиссиа аусура атәы
ААУ аҿы аа-факультетк ыҟоуп, 28 заанаҭ рыла аԥышәарақәа мҩаԥгахоит иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы адкыларатә комиссиа алахәыла, аҭоурыхтә факультет адекан ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба.