Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа
![Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102778/75/1027787555.jpg)
Иахьа, ашьыжь, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа. Урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иҟазаауеит жәамш. Абри атәы ааицҳаит ажурналист Сырма Ашәԥҳа дзыҿцәажәаз Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.