Ашәаҳәаҩ, амультипликатор Асҭамыр Кәыҵниа "Абрыскьыл ифырхаҵара" захьӡу амультфильм аҭыхра даҿуп. Акомиксқәа рҟынтәи амультфильм аҟынӡа анаӡара шыҟалаз, аԥсуа мультфильмқәа рҭыхра зыуадаҩу, насгьы Аԥсны амультипликаторцәа рыстудиа заҭаху изеиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.