Араԥиԥа Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара иазкны: данаҳба ашьҭахь Аԥсны ҳгәы азыбылуа иалагеит
![Араԥиԥа Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаара иазкны: данаҳба ашьҭахь Аԥсны ҳгәы азыбылуа иалагеит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images//102802/65/1028026523.jpg)
Ԥхынгәымза 1992 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла ицара алыршан. Усҟан иара Балбалы ақыҭа даҭааит. Уи ахҭыс шыҟалаза атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит иахьагьы Балбалы инхо ҳџьынџьуаҩ Ерсин Араԥиԥа.