Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҭарԥҳа аԥсуа ԥырыҩцәа Аџьыџьтәылатә еибашьраан
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҿы иҟоу Аԥсны иҿыцуи иҿыцӡатәиу аҭоурых аҟәшаҿы иӡыргоу амаҭәарқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭалҳәеит амузеи аусзуҩ Рита Ҭарԥҳа.