Ацха - зегь реиҳа ихаау ахәшә
Аԥсны ашьхааӡара шәышықәсалатәи аҭоурых амоуп. Иҟан аамҭақәа атәыла аекономика аусхк хадақәа ианреиуаз. Иахьагьы ашьхааӡара аалыҵқәа адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аџьармыкьқәа рҟны ирҭахны иҟоуп, ахархәара ду рымоуп хәы змоу хәышәтәыгақәак реиԥш.