Ҳалбад еиҭалҳәеит аҭаца лкасы еиқәаҵәеи лыхьӡ аԥсахреи зыдҳәалаз ртәы
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аспециалист хада, ААУ арҵаҩ нага Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы ачарақәа шыруаз атәы дазааҭгылеит.