Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам
![Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102892/56/1028925664.jpg)
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Еизаз Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит 300-ҩык инареиҳаны ауаа.