Апарламент аҿаԥхьа аизара хыркәшахеит
![Апарламент аҿаԥхьа аизара хыркәшахеит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102892/65/1028926512.jpg)
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы 200-ҩык инареиҳаны еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Анаҩс Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит.