Ашәба Анри Џьергьениа изы: раԥхьа игылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын
![Ашәба Анри Џьергьениа изы: раԥхьа игылаз аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102172/65/1021726597.jpg)
Аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҿы Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Анри Џьергьениа илагала атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Ныгәзар Ашәба.