Ҳашба ажурналистиказы: ԥаса атехника ҳазрыцҳан, аха ажәа ахаҭабзиара иахьатәи иахыҳәҳәон
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, 50 шықәса инацны уажәаԥхьа ажурналистикаҟны ашьаҿақәа ҟазҵаз Владимир Ҳашба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иахьатәи ажурналистикеи ажәашықәсақәа раԥхьа иҟази злеиԥшым атәы.