Аполитолог Ҳагба: алхрақәа ҭынч имҩасыр, анаԥшыҩцәа рыҟамзаара учҳартә иҟоуп
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхрақәа рахь имаар, абжьыҭара алҵшәақәа разхаҵара ианыԥшуа-ианымԥшуа иазкны.