Акоронавирусгьы ҳԥырхагам: Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа
Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны, иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски. Алхратә процесс ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рзы иаанкылахоит.