Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра аамҭазы: усҟан аԥкрақәа ҟаларгьы аусурақәа мҩаԥгахоит
Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқаарратә еилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы апальмақәа рыхәышәтәра аус сынтәагьы ишацҵахо, аҭагылазаашьа зеиԥшрахозаалакгьы.