Х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ацхыраара иаҳәеит Аԥсны асоцмаҵзурақәа рҿы
Акоронавирус алаҵәаразы ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы Аԥсны хәажәкыра 28 раахыс иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда, уи инақәыршәаны аусура иаҟәыҵит аџьармыкьақәа, акрыфарҭақәа, ауаажәларратә транспорт. Аӡәырҩы абарҭ аԥкрақәа рымшала афинанстә уадаҩрақәа ирықәшәеит.